Ҭамар Габуниа -  "Восоритид" азҵааразы аӡбара адкыларазы аамҭа аҭаххоит 
Ҭамар Габуниа -  "Восоритид" азҵааразы аӡбара адкыларазы аамҭа аҭаххоит 

Агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыҧуаҩ Ҭамар Габуниа лҳәамҭала, “Восоритид” иадҳәаланы мызкы аҳәаақәа ирҭагӡаны  еиқәдыршәараны иҟоу ақырҭуа протокол  ари апрепарат ахархәара аҭагылазаашьақәа ҳәаақәнаҵоит, ари апроцесс мҩаҧгахоит иахьазы иҟоу адыррақәа рышьаҭала.

Иара убас, Ҭамар Габуниа ишылҳәаз ала,  ахондроплазиа ачымазара змоу ахәыҷқәа рҭаацәа  ахондроплазиа ахәышәтәразы еиҿкааз аусуратә гәыҧ анеҩстәи аилатәара рхы аладырхәыр рылшоит.

«Ари агәыҧ аҭаацәа рхаҭарнакгьы далоуп. Ахондроплазиа ачымазара змоу ахәыҷқәа рҭаацәа  ахондроплазиа ахәышәтәразы еиҿкааз аусуратә гәыҧ анеҩстәи аилатәара рхы аладырхәыр рылшоит.  “Восоритид” азҵааразы аӡбара адкыларазы аамҭа аҭаххоит. Уажәазы уаҳа акгьы сызшәаҳәом. Аконсультациақәеи аусуратә процесси активла  инагӡоит», —  илҳәеит Ҭамар Габуниа.