Ҭамар Ҭалиашвили ареспубликатә партиа аҟынтә асенатор, аҩныҵҟатәи ашәарҭадареи аҳәынҭқарратә усқәеи рзы Сенат акомитет ахантәаҩы  Ренди Пол диҧылеит
Ҭамар Ҭалиашвили ареспубликатә партиа аҟынтә асенатор, аҩныҵҟатәи ашәарҭадареи аҳәынҭқарратә усқәеи рзы Сенат акомитет ахантәаҩы  Ренди Пол диҧылеит

Америка иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Ҭамар Ҭалиашвили ареспубликатә партиа аҟынтә асенатор, аҩныҵҟатәи ашәарҭадареи аҳәынҭқарратә усқәеи рзы Сенат акомитет ахантәаҩы  Ренди Пол диҧылеит.

Ари аинформациа аланарҵәеит Америка иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭа.

«Аиҧылараҿы ақырҭуа-америкатә еизыҟазаашьақәа рырҕәҕәаразы иҟоу аперспективақәа ирылацәажәеит. Иара убас, арегионаҿ имҩаҧысуа ахҭысқәеи, аҭынчратә инициативақәа рҵаки, жәларбжьаратәи еизыҟазаашьақәа ирыҵанакуа актуалтә зҵаарақәеи ирзааҭгылеит», — иануп аинформациаҿы.