Қырҭтәылаҿ Ҭырқәтәыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Фатма Серен Иазган дҟалоит
Қырҭтәылаҿ Ҭырқәтәыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Фатма Серен Иазган дҟалоит

Қырҭтәылаҿ Ҭырқәтәыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Фатма Серен Иазган дҟалоитҬырқәтәыла ацҳаражәҳәараҟынтә арҭ адыррақәа шьақәдырҕәҕәеит.

Фатма Серен Иазган ҭырқәтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿ ашәарҭадареи аналитикеи рдепартамент адиректор хада ихаҭыҧаҩ иҭыҧ аанылкылон. Уи Қырҭтәыла Зеқи Левенҭ Гумруқчу диҧсахуеит. Зеқи Левенҭ Гумруқчу иҿҳәара абҵара 16 рзы инҵәоитб

Фатма Серен Иазган Ҭырқәтәыла ацҳаражәҳәаҩ иҭыҧ хышықәсатәи аҿҳәарала аанылкылоит. Лара 2017 шықәса анҵәамҭанӡа лнапынҵақәа рынагӡара дрылагоит.