Уаҵәы Қырҭтәыла апарламент аҿы, нанҳәатәи аибашьра аус иадҳәаланы,   аиустициа аминистр Гоча Лордқьиҧаниӡе изыӡырҩуеит
Уаҵәы Қырҭтәыла апарламент аҿы, нанҳәатәи аибашьра аус иадҳәаланы,   аиустициа аминистр Гоча Лордқьиҧаниӡе изыӡырҩуеит

 

Уаҵәы Қырҭтәыла аиустициа аминистр Гоча Лордқьиҧаниӡе апарламенттә комитетқәа ҧшьба: ауаҩытәыҩса изинқәеи, атәылахьчареи ашәарҭадареи, аиуристтә зҵаарақәеи, адәныҟатәи аимадарақәеи рзы акомитетқәа еицымҩаҧырго аилатәараҿы дықәгылоит.

Аминистр даепутатцәа инарҭбаау аинформациа риҭоит Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Старсбургтәи аӡбараҿы Нанҳәатәи аибашьра аус ианахәаҧшуаз Қырҭтәыла аиҳабыра атәыла аинтересқәа рыхьчаразы имҩаҧнагаз аусуреи,  зыӡбахәы ҳәоу аус азы Страсбургтәи аӡбара ақәҵареи иазкны.