"The New York Times" - Урыстәыла Украинантә адипломатцәа рҭаацәарақәа ралгара иалагеит
"The New York Times" - Урыстәыла Украинантә адипломатцәа рҭаацәарақәа ралгара иалагеит

Урыстәыла Украинантә адипломатцәа рҭаацәарақәа ралгара иалагеит.  Ари аты аанацаит “The New York Times”  Украина ашәарҭадаратә маҵзурантә адырра ҵаҵӷәыс аҭаны.

Аҭыжьымҭа аинформациа ала, Киев иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәараҿ аус зуа адипломатцәа гәыԥҩык рыҳәсеи рыхшареи ажьырныҳәа 5 рзы Москваҟа  идәықәлеит. 30-ҩык рҟынӡа аурыс дипломатцәа рҭаацәарақәа рылахәылацәа Киеви Львови аанрыжьит.

“The New York Times” адыррақәа рыла, Украинеи ЕАШ-и ргәы иаанагоит Урыстәыла адипломатцәа рҭаацәарақәа ревакуациа апропаганда иахәҭоуп ҳәа.

ЕАШ аофициалтә хаҿқәа ражәақәа рыла, аевакуациа иазку адыррақәарыман.