Шарль Мишель Саломе Зурабившилии Иракли Ӷарибашвилии  дырылоит
Шарль Мишель Саломе Зурабившилии Иракли Ӷарибашвилии дырылоит

Европатәи ахеилак ахада Шарль Мишель ԥхынгәы 19 рзы  Баҭымтәи жәларбжьаратәи аконференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны Қырҭтәыла Саломе Зурабившилии Қырҭтәыла Аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвилии дырԥылоит.

Баҭымтәи жәларбжьаратәи аконференциаҿ дықәгылоит Европатәи ахеилак ахада Шарль Мишель.

Иар убас, Европатәи ахеилак ахада Шарль Мишель Молдова ахада Маиа Сандуи Украина ахада Владимир Зеленскии дырԥылоит. Шарль Мишели Қырҭтәылеи Украинеи, Молдовеи рхадацәеи аиԥылара еицымҩаԥыргоит. Уи ашьҭахь аконференциа мҩаԥгахоит.