Қырҭтәыла авакцинациа апроцесс инагӡоит
Қырҭтәыла авакцинациа апроцесс инагӡоит

Ахалцихеҿ аҭыԥ змаз ахҭыс иахәамԥшыкуа, Қырҭтәыла “Астразенекала”авакцинациа апроцесс инагӡоит.

Иашьашәалоу аӡбара рыдыркылеит Агәабзиарахьчара аминистрраҿ имҩаԥгаз еиԥылара аҿы.

Ахалцихеҿ иахьа, акоронавирус азы алаҵа аҟаҵара ашьҭахь амедда лыԥсы маҷхеит. Ахҭыс “Имеди аклиникаҿ” ҟалеит. Аҳақьымцәа ражәақәа рыла, аԥҳәыс лыԥсҭазаара ашәарҭа иҭагылоуп.