Қырҭтәыла апарламент алотереиақәеи алахаларатә хәмаррақәеи ирызку азакәан иақәшаҳаҭхеит
Қырҭтәыла апарламент алотереиақәеи алахаларатә хәмаррақәеи ирызку азакәан иақәшаҳаҭхеит

Қырҭтәыла апарламент алотереиақәеи алахаларатә хәмаррақәеи ирызку азакәан шьақәнарҕәҕәеит.

Аҧсахрақәа инрықәырышәаны, 25 шықәса зхымҵыц атәылауаа алахаларатә хәмаррақәа рылахәра азин рымам. Иара убас, алахаларатә ахәмаррақәа ирхьыҧшуп ҳәа иазхаҵоу ауааҧсыреи аҭаацәара алахәылацәа рыҳәарала «асиа еиқәа» иалагалоу ауааҧсыреи алахаларатә хәмаррақәа рылахәызаара азин рымам.

Убри адагьы,  ахәмарра азин рымам аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи,  арегулиациатә органқәеи, Амилаҭтә банк  русзуҩцәеи социалла ихьчам ауааҧсыра рбаза иҭагалоу аҭаацәарақәа рылахәылацәеи.

Иара убас, азакәан ҿыц инақәыршәаны,  аҧарашәаратә  маҵзура мҩаҧызго апроваидерцәа зегьы, акоммерциатә банкқәеи амикрофинанстә аиҿкаарақәеи нрылаҵаны, аҧарашәара аиқәыршәара амзызла аҳәаанырцәтәи ахәмарратә еилахәырақәа аус рыцура азин рымам.

Аҧҟара ҿыцқәа амч роуеит  2022 шықәса хәажәкыра 1 инаркны.