Мевлуд Чавушоҕлу ишааицҳаз ала, Зеландиа Ҿыц аҿы Ҭырқәтәыла атәылауаҩ дҭахеит
Мевлуд Чавушоҕлу ишааицҳаз ала, Зеландиа Ҿыц аҿы Ҭырқәтәыла атәылауаҩ дҭахеит
Зеландиа Ҿыц, Краистчерч ақалақь аҿы ахәрақәа зауз Ҭырқәтәыла атәылауаҩ дҭахеит. Ари атәы ааицҳаит Ҭырқәтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Мевлуд Чавушоҕлу Твиттер аҿы.

Краистчерч аџьаама аҿы иҟалаз атеракт аан иҭахаз ауаа рхыьҧхьаӡара 51-ҩык иаҟарахеит.

Аимнформациатә агентра Анадолу адыррақәа рыла, ашьҧашаҽны ахаҵа аоперациа изымҩаҧыргар акәын, аха аҳақьымцәа ашьацара аанкылара ирылымшеит.