Каха Куҷава  Америкеи Евроеидгылеи рыцҳаражәҳәаҩцәеи Европа Ахеилак аофис анапхгаҩи аӡбаратә реформа иадҳәаланы еицырҩыз ашәҟәы аҭак аиҭеит
Каха Куҷава  Америкеи Евроеидгылеи рыцҳаражәҳәаҩцәеи Европа Ахеилак аофис анапхгаҩи аӡбаратә реформа иадҳәаланы еицырҩыз ашәҟәы аҭак аиҭеит

Каха Куҷава  Америкеи Евроеидгылеи рыцҳаражәҳәаҩцәеи Европа Ахеилак аофис анапхгаҩи аӡбаратә реформа иадҳәаланы еицырҩыз ашәҟәы аҭак аиҭеит

Апарламент ахантәаҩы Каха Куҷава  Америка ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнани  Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Карл Ҳарцели,   Европа Ахеилак аофис анапхгаҩи Наталиа Вутови аӡбаратә реформа иадҳәаланы еицырҩыз ашәҟәы аҭак аиҭеит.

Апарламент ахантәаҩы ишазгәеиҭаз ала,  Қырҭтәыла аполитикатә партиақәа ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны,  Қырҭтәыла апарламент  аӡбаратә система ареформазы апакет ҿыц аднакылароуп  2022 шықәсатәи ааҧынратә сессиа анҵәамҭанӡа. Апакет аҿы иарбазаауеит Аиустициа Иреиҳаӡоу ахеилак иазку азҵаарақәагьы. Иара убас,  апарламент,  Иреиҳаӡоу аӡбара аӡбаҩцәа ралхра иазку аҧсахрақәа ирықәшаҳаҭҳахьеит,  урҭ рҟны иазҧхьагәаҭоуп Венециатәи акомиссиа абжьагарақәа.

«Иааиуа амчыбжь азы, аиуристтә зҵаарақәа рзы акомитет аҳәаақәа ирҭагӡаны,  аӡбаратә реформа иазку аусура аплан аиқәыршәараны,  аусуратә гәыҧ аилатәара мҩаҧгахоит,  уи рхы аладырхәоит аполитикатә партиақәа зегьы. Қырҭтәыла аконституциа инақәыршәаны,  сынтәа рашәарамзазы,  Қырҭтәыла апарламент Аиустициа Иреиҳаӡоу ахеилак иӡбаҩцәам алахәылацәа шьақәнарҕәҕәароуп.

Убри аҟынтә,  Қырҭтәыла апарламент  2022 шықәсатәи ааҧынратә сессиа анҵәамҭанӡа ааҧшреи Аиустициа ахеилак аҿы 5 ҭыҧк иҭацәны ааныжьреи азы  азинмчы  амам.  Убри аҟынтә,  Қырҭтәыла апарламент,  иааиуа амшқәа рзы,  акандидатцәа ралхразы аконкурс аанацҳароуп.  Аамҭакала,  Қырҭтәыла апарламент еилнакаауеит  Ахеилак алахәылацәа ралхра апроцесс аҿы аполитикатә партиақәа рылахәызаара аиқәыршәара шауалу. Сара,  апарламент ахантәаҩы иаҳасабала,  абри апроцесс аиқәыршәаразы аҭак сыҧхықәуп», — иануп Каха Куҷава ишәҟәы аҟны.

Иацы ацҳаражәҳәаҩцәа   аӡбаратә реформа иадҳәаланы  Каха Куҷава иахь ааҧхьара ҟарҵеит.

«Иара убас, ишәгәалаҳаршәоит ари азҵаара ахадаратә ҵакы шамоу Евроеидгыла ала Қырҭтәыла амакрофинанстә цхыраара азоушьҭразы. Убри адагьы, аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, аҧсахрақәа амч роуроуп Аиустициа Иреиҳаӡоу ахеилак ахь аҿыц алахәылацәа ралхранӡа.  Ҳара апарламент ахь ааҧхьара ҟаҳҵоит Аиустициа Иреиҳаӡоу ахеилак ареформа азҵаара ахәаҧшра иалагарц  аӡбарҭақәа рахь аӡбаҩцәа рықәыргылара аҧҟара аиҭахәаҧшреи,  аӡбаҩцәа рзы адисциплинатә ҭагылазаашьақәа рыдкылареи, аӡбаратә система иадҳәалоу егьырҭ азҵаарақәа рзы адискуссиа амҩаҧгареи азы», — иануп ашәҟәы аҟны.