Карл Харцель алхратә реформа иадҳәаланы аганқәа реиқәшаҳаҭхара дадгылоит
Карл Харцель алхратә реформа иадҳәаланы аганқәа реиқәшаҳаҭхара дадгылоит

«Ишубарҭоу ала,  алхратә реформа иадҳәаланы аганқәа еиқәшаҳаҭхеит. Уажәазы ҳара аҧсахрақәа зегьы Венециатәи акомиссиашҟа адәықәҵареи апарламент аҿы абри азҵаара ахәаҧашареи ҳазыҧшуп», — иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Карл Ҳарцель ажурналистцәа данрацәажәоз.

Иара иажәақәа рыла, аӡбаратә реформа  —  мшаҧы  19 рзы ирыдыркылаз аиқәшаҳаҭраҿы иарбоу,  зҵакы дуу зҵаароуп.

«Аамҭакьаҿтәи апериод аан хшыҩзышьҭра азутәуп Иреиҳаӡоу аӡбара аӡбаҩцәа рықәыргылара апроцесс,  избанзар ари апроцесс ааигәахоит,  иара убас,  Аиустициа Иреиҳаӡоу Ахеилак алахәылацәагьы алырхроуп. Абарҭ 2 органк аӡбаратә системахь агәрагара аиҭашьақәыргыларазы аҵакы ду рымоуп», — иҳәеит Карл Ҳарцель.