Иракли Ӷарибашвилии Қырҭтәылеи, Украинеи, Молдовеи рԥызаминистрцәеи иахьа Бриуссель зыҩаӡара ҳараку аиԥыларақәа мҩаԥыргоит
Иракли Ӷарибашвилии Қырҭтәылеи, Украинеи, Молдовеи рԥызаминистрцәеи иахьа Бриуссель зыҩаӡара ҳараку аиԥыларақәа мҩаԥыргоит

Ассоциациатә трио иалахәы атәылақәа Қырҭтәылеи, Украинеи, Молдовеи рԥызаминистрцәа Бриуссель иҟоуп. Аусуратә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Иракли ӶарибашвилиУкраина аԥыза-министр Денис Шмыгали Молдова аԥыза-министр Викториа Гаврилицеи Европа ахеилак ахада Шарль Мишельи, Еврокомиссиа ахада Урсула фон дер Лаиени, Европарламент ахада Девид Сасоли иырԥылоит.

Аиԥылараан зҵаара хаданы иқәдыргылоит ԥхынҷкәын 15 рзы имҩаԥысран иҟоу “Мрагыларатә партниорра” асаммит

Аԥыза-министр дахцәажәоит Қырҭтәыла аиҳабыра ирымоу амбициатә план – 2024 шықәсазы Евроеидгыла алаларазы аофициалт аҳәамҭа аҟаҵара.