Иракли Ӷарибашвилии Денис Шмыгали жәларбжьаратәи аҭынчрачаԥареи ашәарҭадареи рцентр абазаҿ иҟан
Иракли Ӷарибашвилии Денис Шмыгали жәларбжьаратәи аҭынчрачаԥареи ашәарҭадареи рцентр абазаҿ иҟан

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвилии Украина аԥыза-министр Денис Шмыгали жәларбжьаратәи аҭынчрачаԥареи ашәарҭадареи рцентр абазаҿ иҟан.

Жәларбжьаратәи абазаҿ аԥылара аофициалтә церемониа мҩаԥган. Инагӡан Қырҭтәылеи Украинеи ргимнқәа.

Иракли Ӷарибашвилии Денис Шмыгали атәымтә контингент реиҳабацәа ирацәажәеит. Гәарҭеит азыҟаҵарақәа раан рхы иадырхәо атехника, абџьар.

Жәларбжьаратәи аҭынчрачаԥареи ашәарҭадареи рцентр аҿы есышқәса зымҽхак ҭбаау азыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит, арҭ азыҟаҵарақәа рхыаладырхәоит Нато иалоу, иара убас апартниор тәылақәа рыруаа, урҭ иреиуоуп ақырҭуа арратә маҵзуҩцәагьы.