Иенс Столтенберг - Ҳара иаабоит Урыстәыла Украинеи Қырҭтәылеи имҩаԥнаго агрессиеи, акибержәыларақәеи аԥырхагахара афактқәеи, ари зегьы ирыбзоуроуп еизаҟазаашьақәа рԥхасҭатәара
Иенс Столтенберг - Ҳара иаабоит Урыстәыла Украинеи Қырҭтәылеи имҩаԥнаго агрессиеи, акибержәыларақәеи аԥырхагахара афактқәеи, ари зегьы ирыбзоуроуп еизаҟазаашьақәа рԥхасҭатәара

Ҳара иаабоит Урыстәыла Украинеи Қырҭтәылеи имҩаԥнаго агрессиеи, акибержәыларақәеи аԥырхагахара афактқәеи, ари зегьы ирыбзоуроуп еизаҟазаашьақәа рԥхасҭатәара, – иҳәеит Нато амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг Бриуссель, алианс асаммит аартра ацеремониаҿ данықәгылоз.

Столтенберг иажәақәа рыла, асаммит алианс азы ахадаратә момент аан мҩаԥысуеит, иахьа Аҩада атлантикатәи алианс еизыҟазаашьақәа рҿы аетап ҿыц иалагоит.

Иенс Столтенберг ишааицҳаз ала, алианс алахәылацәа Китаи аҟны еизыҟазаашьақәа рызҵаара иазааҭгылоит.

Столтенберг ишазгәеиҭаз ала, Нато алидерцәа иахьа шьақәдырӷәӷәоит амбициа ду змоу алианс амш аусхәаԥштә – Нато 2030.