Иахьа апарламент аҿы адәныҟатәи аполитика арезолиуциа апроект азы актәи аҧхьарала абжьыҭира мҩаҧыргоит
Иахьа апарламент аҿы адәныҟатәи аполитика арезолиуциа апроект азы актәи аҧхьарала абжьыҭира мҩаҧыргоит

Иахьа апарламент аҿы адәныҟатәи аполитика арезолиуциа апроект азы актәи аҧхьарала абжьыҭира мҩаҧыргоит. Уаанӡа ари апроект иааалацәажәоит евроинтеграциеи жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәеи акомитетқәа рҿы.

Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рзы апарламенттә комитет ахантәаҩы Николоз Самхараӡе ишиҳаз ала, арезолиуциаҿы иарбоуп анеҩстәи ҧшьышықәса рзы Қырҭтәыла адәныҟатәи аполиткиаҿы ахадаратә ҵакы зауа ахырхарҭақәа.

Ахықәкы хада  — импыҵахалоу атерриториақәа рдеоккупациеи апроблемақәа зегьы аҭынчмҩала рҭыҧқәҵареи.  «Ақырҭуа гәахәтәы» алахәылацәа адәныҟатәи аренаҿы атәыла аинтересқәа рыхьчаразы, жәларбжьаратәи ауаажәларра рыдгылара максималла аидкылара ргәы иҭоуп.