Германтәыла аканцлер Ангела Меркель Евроеидгыла алидерцәа рсаммит аҟынтә анапеинҟьарала днаскьаргеит
Германтәыла аканцлер Ангела Меркель Евроеидгыла алидерцәа рсаммит аҟынтә анапеинҟьарала днаскьаргеит

Германтәыла аканцлер Ангела Меркель Евроеидгыла алидерцәа рсаммит аҟынтә анапеинҟьарала днаскьаргеит. Уи 16 шықәса рыҩнуҵҟа Ангела Меркель аканцлер лаҳасабала дызлахәыз Евроеидгыла аҵыхәтәантәи саммитуп.

Бриуссель аус зуа ажурналистцәа асоциалтә аҳақәа рҿы ишырҩуа ала, Европатәи Ахеилак ахада Шарль Мишель Ангела Меркель лоуранагӡара дахцәажәеит асаммит адырҩаҽны.

«Европатәи Ахеилак Анжела Меркель лыда  —  Ватикан ада Рим, ма Еифель ибааш ада Париж иеиҧшуп. Шәҟәышра ҳагзаауеит, ҷыдала иуадаҩу аамҭақәа раан», — иҳәеит Шарль Мишель.

Ахада  Мишель Ангела Меркель  «европатәи апроект акомпаси алашарбагеи» ҳәа длыхцәажәеит.