"Deutsche Welle" - «Талибан» Кабул ажәылара иалагеит
"Deutsche Welle" - «Талибан» Кабул ажәылара иалагеит

«Талибан» Кабул ажылара иалагеит. Ари аинформациа аланарҵәеит  «Deutsche Welle».

Аинформациа ишану ала, арадикалтә гәыҧ Афганистан аҳҭнықалақь аҿацә иажәалахьеит.

Кабул — атәыла аиҳабыра изхылаҧшуа аҵыхәтәантәи қалақьуп. Иацы аталибцәа  Мазари-Шарифи Џьелалабади ргеит.

Уажәазы атәыла административтә центрқәа 34 рҟынтә 23 арадикалтә гәыҧқәа рнапаҿы иҟоуп. Америка, ахатә тәылауааи ацҳаражәҳәара аусзуҩцәеи, адгыларатә ҳәынҭқаррақәа ртәылауааи, Америка аус ацызуаз  Афганистан аиҳабыра алахәылацәеи ревакуациа иалагеит.  Урҭ шәарҭада атәылантә ралгара амзызла, Америка ахада Афганистанҟа идәықәыиҵеит 5000ҩык аруаа.