Бидзина Кулумбегов – Авакцина  «Синофарм» азхаҵара  ихдырҧаргьы ҟалап, аха, хымҧада иазхарҵоит
Бидзина Кулумбегов – Авакцина  «Синофарм» азхаҵара  ихдырҧаргьы ҟалап, аха, хымҧада иазхарҵоит

 

Авакцина  «Синофарм» азхаҵара  ихдырҧаргьы ҟалап, аха, хымҧада иазхарҵоит, — иҳәеит аиммунолог Биӡина Кулумбегов.

Иара иажәақәа рыла, Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаараҿы  «Синофарм» азхаҵара апроцесс мчыбжьқәак рыла ихдырҧар, авакцинациазы арегистрациа иахысыз ауааҧсыра хәыҷык иааҧшыр акәхоит.

«Авакцина  «Синофарм» азхаҵара  ихдырҧаргьы ҟалап, аха, хымҧада иазхарҵоит. Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара акомитет аҿы ишаарыцҳаз ала, инарҭбаау аинформациа рмоуит, убри аҟынтә, иҵегьы мчыбжьқәак рҭаххар ҟалап,  авакцинациазы арегистрациа иахысыз ауааҧсыра хәыҷык иааҧшыр акәхоит. Авакцина азхаҵара апроцесс иаарту аилатәараҿы иалацәажәраны иҟоуп, уи ақәҿиара дууп, избанзар ари апроцесс аҵыхәтәантәи аетап аҟынӡа инеихьеит», — иҳәеит Кулумбегов.