Биӡина Иванишвили - Гьаргь Квирикашвили уаҳа анапхгара илшомызт, Алавиӡеи Қумсишвилии мацара ргәаанагара иазҧхьагәаҭаны аӡбарақәа идикылон
Биӡина Иванишвили - Гьаргь Квирикашвили уаҳа анапхгара илшомызт, Алавиӡеи Қумсишвилии мацара ргәаанагара иазҧхьагәаҭаны аӡбарақәа идикылон

 

Апартиа  „Ақырҭуа гәахәтәы – адемократиатә Қырҭтәыла“  ахантәаҩы Биӡина Иванишвили Актәи аканал адырраҭара  „ Актуалтә тема“ аҿы Гьаргь Квирикашвили ила анапынҵақәа рышьҭаҵара азҵаарагьы далацәажәеит. Биӡина Иванишвили ишиҳәаз ала, ҧасатәи Аҧыза-министр уаҳа атәыла анапхграҭара илшомызт. 

„Гьаргь Квирикашвили ихы иаирхәоз аметодқәа алҵшәа рхылымҵит. Иаҳа ирмарианы иаҳҳәозар Квирикашвили гәыҧла аусура илшомызт. Апарламент аӡабарақәа рыдкылара апроцесс иалахәымызт.  Аиҳабыра алахәылацәа рыгәҭа аҩызцәа иман, уи цәгьаӡам, аха  аиҳабыра апринциптә ҟазшьа змоу азҵаарақәа рыӡбара анрылымшоз,  мамзаргьы иаамҭаны ианырымӡбозгьы иҟан.   Агәыҧ аӡбарақәа рыдкыларазы ихиамызт. Квирикашвили ихы иаирхәоз аметодқәа рымшала. агәыҧ еилаҳар алшон, “, – иҳәеит Биӡина Иванишвили.