Гия Вольски – Биӡина Иванишвили, маӡала апроцессқәа анапхгара рыҭара ахаангьы ихы иаҭәаимшьацт, ус иҟоу факткгьы ҳамбацт
Гия Вольски – Биӡина Иванишвили, маӡала апроцессқәа анапхгара рыҭара ахаангьы ихы иаҭәаимшьацт, ус иҟоу факткгьы ҳамбацт

«Биӡина Иванишвили, маӡала апроцессқәа анапхгара рыҭара ахаангьы ихы иаҭәаимшьацт, ус иҟоу факткгьы ҳамбацт», — иҳәеит апарламент актәи авице-спикер Гиа Вольски.

Вольски иҳәамҭала, џьоукы Иванишвили имоу аҧара рацәа аполитикатә спекулиациақәа рзы рхы иадырхәоит.

«Адемократиа ахырҕәҕәарҭаҿ  —  Иеиду Америкатә Штатқәа рҿы  аҧара рацәа змамыз напхгаҩыкгы дыҟамызт. Евроеидгыла аструктурақәа шәрыхәаҧш  – анапхгараҿы аҧара рацәа змоу ауаа иҟоуп, аха, аӡәгьы ахаангьы афинанстә ресурсқәа цәгашақә ихы иаирхәом, ҷыдала Бӡина Иванишвили.  «Лело»,  аҳәынҭқарратә биуџьет аҧара рацәа ацәызҕьычыз Давиҭ  Кезерашвили уҳәа, убарҭ рҩызцәа шәгәалашәыршәа,  џьоукы Иванишвили имоу аҧара рацәа аполитикатә спекулиациақәа рзы рхы иадырхәоит. Иара Қырҭтәылазы иҟаиҵаз рацәоуп,  иара иҧара цәгьашақә ихы ианаирхәа факткгьы шәзаашәырҧшуам.

Иаҳҳәап, Давиҭ Кезерашвили долигархуп,  иара ахаангьы акгьы даҧсамызт,  иаалырҟьаны амал рацәа зауз атәылахьчара аминистр иакәын,  ируаа аибашьраҿы икажьны дыбналеит. Кезерашвили ателеканалқәеи аполитикатә партиақәеи анапхгара рзызуа афинанстә аидҵара ду дахагылоуп. Абри ауп аолигархиа захьӡу.  Биӡина Иванишвили аполитикатә ресурс ду иман, аҧыза-министрс дыҟан, апартиа дахагылан, аха,  ахаангьы абри аҩыза ак ҟаимҵацызт.   Биӡина Иванишвили, ахаангьы маӡала апроцессқәа анапхгара рыҭара ихы иаҭәаимшьацт, ус иҟоу факткгьы ҳамбацт», — иҳәеит Гиа Вольски.