Аусбарҭа №18  аҳақьым – Апациент Саакашвили еиҧҟьарада ахылаҧшра аҵаҟа дыҟоуп, иахьазы иҧсҭазаара ашәарҭара иҭагылам
Аусбарҭа №18  аҳақьым – Апациент Саакашвили еиҧҟьарада ахылаҧшра аҵаҟа дыҟоуп, иахьазы иҧсҭазаара ашәарҭара иҭагылам

Уажәазы апациент Саакашвили игәабзиара аҭагылазашьа ҭышәынтәалоуп,  аҧсҭазаратә арбага хадақәа анорма аҳәаақәа ирҭагӡаны иҟоуп, — иҳәеит аусбарҭа  №18 атерапиатә аҟәша аҳақьым Сандро Матешвили.

«Иацы аусбарҭаҿ иҟан Жәлар рыхьчаҩ еиҿылкааз агәыҧ. Дара апациент икартеи алабораториатә ҭҵарақәа рылҵшәақәеи иахәаҧшит.  Аҵыхәтәантәи хымш рыҩнуҵҟала апациент ахәшәқәа идикыломызт,  убри аҟынтә анализқәа рҿы аиҭакрақәак иҟан. Иацы апациент ахәшәқәа рыдкылара далаган,  иахьа ианализқәа еиҕьуп.  Уажәазы иҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп. Аҧсҭазаратә арбага хадақәа анорма аҳәаақәа ирҭагӡаны иҟоуп, иҧсҭазаара ашәарҭара иҭагылам. Иара убас, иазгәасҭар сҭахуп, имлашьуа апациентцәа рхәышәтәреи реиҭашьақәыргылареи азы  аресурсқәа зегьы ҳамоуп », — иҳәеит аҳақьым.