Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра Михаил Саакашвили абахҭашҟа ииагара авидеонҵамҭа аланарҵәеит

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра Михаил Саакашвили абахҭашҟа ииагара авидеонҵамҭа аланарҵәеит.

Саакашвили иахьа даанкылан.

Қырҭтәыла ҧасатәи ахада, Украина Ареформақәа рзы анагӡаратә хеилак ахантәаҩы Михаил Саакашвили иахьа шьыжьымҭан асоциалтә аҳаҿы иҩит маӡала Қырҭтәылаҟа дшааиз.

Хара имгакәа, иара авидеоааҧхьара алаирҵәан,  Баҭым дшыҟоу ааицҳаит.