Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра -  Ауааҧсыра зегьы рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит Алеқсандр Лашкарава иҧсра иадҳәаланы заанаҵы аихшьаалақәа ҟамҵакәа,  аусеилыргара алҵшәақәа ирзыҧшырц
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра -  Ауааҧсыра зегьы рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит Алеқсандр Лашкарава иҧсра иадҳәаланы заанаҵы аихшьаалақәа ҟамҵакәа,  аусеилыргара алҵшәақәа ирзыҧшырц

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы ателееилахәыра «Пирвели» аҭыхҩы Леқсо Лашкарава иҧсра инамаданы абрифинг мҩаҧган.

Акриминалтә полициа адепартамент анапхгаҩы Мамука Ҷелиӡе ишиҳәаз ала, аусеилыргаҩцәа Лашкарава имаршрут авидеонҵамҭа ҭырҵаауеит.

«Уажәтәи аетап азы, иҧсыз аҭыхҩы иҭаацәара ринтересқәа иазҧхьагәаҭаны, заанаҵтәи аверсиақәа ҳрылацәажәом.

Ауааҧсыра зегьы рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит Алеқсандр Лашкарава иҧсра иадҳәаланы заанаҵы аихшьаалақәа ҟамҵакәа,  аусеилыргара алҵшәақәа ирзыҧшырц», — иҳәеит Мамука Ҷелиӡе.

Иара иажәақәа рыла, аусеицура инагӡоит, ҧшьҩык ааныркылахьеит.

Абрифинг аҿы АИХ ахаҭарнакцәа иддырбеит Лашкарава иеиҭаҵра авидеонҵамҭа. Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра адыррақәа рыла, анҵамҭа иацы иҟаҵан.