Ателеҭыхҩы Леқсо Лашқарава изы амчылара афакт азы даҽа фигурантк ахара идырҵеит
Ателеҭыхҩы Леқсо Лашқарава изы амчылара афакт азы даҽа фигурантк ахара идырҵеит

Қырҭтәыла апрокуратура,  ҧхынгәы 5 рзы Қарҭ иҟалаз ахҭысқәа раан  ажурналист иусура аҧырхагахареи  ателееилахәыра «Пирвели» аҭыхҩы Леқсо Лашқарава изы гәыҧҩык рыла амчылара алахәызаареи азы даҽа фигурантк ахара идырҵеит.

Апрокуратура адыррақәа рыла,  зыӡбахәы ҳәоу афакт аҿы аанкылоуп фҩык ауааҧсыра,  урҭ рҟынтә 5ҩык заанаҵтәи абаандаҩтәраҿы иҟоуп.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра амчылара аиҿкааҩцәа раарҧшразы аусеилыргаратә уснагӡатәқәа рымҩаҧгара нанагӡоит.

«Ҭбилиси Праид» иаҿагылаз акциа аан иҟалаз ахҭысқәа рзы аусеилыргара аҳәаақәа ирҭагӡаны,  зынӡа ахара рықәырҵахьеит 29ҩык ауааҧсыра. Уажәтәи аетап азы аахақәа роуит  ҳәа иҧхьаӡоуп  52ҩык, урҭ рҟынтә 42ҩык ажурналистцәоуп.