Арчил Ҭалакваӡе -  Аоппозициатә мчқәа рахь даҽазнык ааҧхьара ҟасҵоит апарламенттә процесс рхы аладырхәырц
Арчил Ҭалакваӡе -  Аоппозициатә мчқәа рахь даҽазнык ааҧхьара ҟасҵоит апарламенттә процесс рхы аладырхәырц

 

«2020 шықәсатәи апарламенттә алхрақәа  мрҭашәаратә демократиақәа рзы иҟазшьарбагоу апартиарацәатә усеицура ашьаҭа ала адебатқәа рымҩаҧгара алшара ҳарҭеит. Сара даҽазнык аоппозициатә мчқәа рахь ааҧхьара ҟасҵоит апарламенттә процесс рхы аладырхәырц. Шәааи, ҳаилацәажәаны, аконкреттә аҳәарақәа рықәыргылара акәымкәа, иахьа ҳтәылеи ҳуаажәларри зегьы реиҳа изыргәамҵуа азҵаарақәа  ҳрылацәажәап.  Адемократиа  —  алахәызаара ауп, уи абоикот азура ҟалом.  Абоикот —  аполитикатә гхоуп ҳәа сгәы иаанагоит.  Апарламент аҩнуҵҟа ақәҧареи аиҿцәажәареи ауп адемократиа иаанаго», — иҳәеит Арчил Ҭалакваӡе.

Аоппозициа жьҭаара 31 рзы имҩаҧгаз алхрақәа рылҵшәақәа ирықәшаҳаҭым, дара апарламент алаларазы мап ркит. Евроеидгылеи Америкеи рыцҳаражәҳәаҩцәа рылахәызаара ала аоппозициеи анапхгаратә гәыҧи рыбжьара имҩаҧгаз аиҧыларақәа алҵшәа рхылымҵит.