«Ақырҭуа гәахәтәы» ахаҭарнакцәа рҳәамҭала, Шарль Мишель идокумент аҵыхәанӡа инагӡазаауеит
«Ақырҭуа гәахәтәы» ахаҭарнакцәа рҳәамҭала, Шарль Мишель идокумент аҵыхәанӡа инагӡазаауеит

Апартиа  «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе иҳәамҭала, анапхгаратә гәыҧ ибзианы еилыркаауеит Шарль Мишель идокумент апунктқәа зегьы шынагӡатәу.

Иара иажәақәа рыла,  «Ақырҭуа гәахәтәы» ахаҭарнак цыҧхьаӡа аиқәшаҳаҭра анагӡаразы аҭак иҧхықәуп.

«Апартиа аиқәшаҳаҭра аднакылеит. Убри аҟынтә, уи ахаҭарнакцәа адокумент анагӡаразы аҭак рыҧхықәуп. Ҳгәыҧ алахәылацәа зегьы, апарламенттә аиҳарагьы анагӡаратә мчрагьы уи ибзиаҵәҟьаны еилыркаауеит.  Убри аҟынтә, аиқәшаҳаҭра апунктқәа зегьы нагӡазаауеит», — иҳәеит Кобахиӡе.