Апарламент аҿы иахьа Екатерине Тикараӡе дықәгылоит
Апарламент аҿы иахьа Екатерине Тикараӡе дықәгылоит
“Аминистр исааҭ” аҳәаақәа ирҭагӡаны апарламент аҿы иахьа Агәабзиарахьчара аминистр Екатерине Тикараӡе дықәгылоит.

Азакәанхьчаҩцәа апандемиеи уи иадҳәалоу азқаарақәеи илзықәдыргылоит.
Апартиақәа “Гирчит” “Атәылауааи”, “Европатәи асоциалистцәеи” иреиԥшымкәа, апленартә еилатәарахь имнеиуеит Шарль Мишель идокумент рнапы аҵазҩыз аоппозициаа реиҳараҩык.
Апартиа “Атәылауаа” алахәыла Леван Иоселиани иажәақәа рыла, Екатерине Тикараӡе илзықәиргылоит авакцинациа апроцесс иазку азҵаарақәа.