Анри Оханашвили -  2024 шықәсанӡа  апарламенттә алхрақәа мҩаҧысуам
Анри Оханашвили -  2024 шықәсанӡа апарламенттә алхрақәа мҩаҧысуам

2024 шықәсанӡа изакәызаалак апарламенттә алхрақәа мҩаҧысуам

— иҳәеит апарламенттә аиҳара ахаҭарнак  Анри Оханашвили.

«Абри атәылаҿы аполитикатә ҭагылазаашьа зеиҧшрахо,   амчраҿ иаанхо – абри зегьы алхыҩцәа, ажәлар роуп изыӡбо.  Аоппонентцәа еснагь дара ирҭаху алҵшәақәа ажәлар ирыдарҵалар рҭахуп. Иахьа  «Ақырҭуа гәахәтәы» анапхгараҿы аҟазаарагьы ажәлар роуп изыӡбаз. Ақырҭуа жәлар абас ирҭаххеит, уи аӡәгьы дзаҿагылом.  2024 шықәсанӡа изакәызаалак апарламенттә алхрақәа мҩаҧысуам. Ақырҭуа жәлар уи рыӡбеит апарламенттә алхрақәа раан рбыжьқәа анарҭоз», — иҳәеит  Анри Оханашвили.