Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы иҭыҧ азы акандидатцәа апарламент аҿы еиҭах адгылара рмоуит
Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы иҭыҧ азы акандидатцәа апарламент аҿы еиҭах адгылара рмоуит

Иахьа апарламент аҿы Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы иҭыҧ азы акандидатцәа рсиазы абжьыҭира мҩаҧган, аха, акандидатцәа, еиҭах, иахәҭоу адгылара рмоуит.

Иахәҭаз абжьқәа рмоуит Алхратә комиссиа хада алахәызааразы иқәгылаз акандидатцәагьы.

Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы иалхразы, акандидат, адепутатцәа реилазаара наӡа аҟынтә  2/3 абжьқәа иоуроуп. Убри аҟынтә, акандидатцәа рсиазы абжьыҭира еиҭамҩаҧыргоит.  Апарламент акандидатцәа рзы ҧшьынтә абжьыҭира амҩаҧгара азин амоуп.