Ҭинаҭин Берӡенишвили - Келли Дегнан  ҳаиԥылараҿ адырраҭара иаԥнаҵо астандарти ауаажәларратә дырраҭара ароли ҳалацәажәеит
Ҭинаҭин Берӡенишвили - Келли Дегнан ҳаиԥылараҿ адырраҭара иаԥнаҵо астандарти ауаажәларратә дырраҭара ароли ҳалацәажәеит
Келли Дегнан лҟны аиԥылараҿ адырраҭара иаԥнацо астандарти ауаажәларратә дырраҭара ароли ҳахцәажәеит, – илҳәеит Қырҭтәыла Актәи аканал  адиректор хада Ҭинаҭин Берӡенишвили  Қырҭтәыла иҟоу ЕАШ аҵҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан лҟны аиԥылара ашьҭахь.

Лажәақәа рыла, Келли Дегнан лвизит аҵак ду аман.

“Ауаажәларратә дырраҭара ажурналистцәа ацҳаражәҳәаҩ дылԥылеит. Келли Дегнан лҟны аиԥылараҿ атәыла адемократиатә аҿиараҿ адырраҭара  астандарти ауаажәларратә дырраҭара ароли ҳахцәажәеит. Иара убас ҳазааҭгылеит амедиақәыԥшылареи ҳара ҳзы аҵак ду змоу апартниортә еизыҟазаашьақәеи, ажәа ахақәиҭреи адемократиатә хәынаӡарақәа римплементациеи,” – иазгәалҭеит Ҭинаҭин Берӡенишвили.

Қырҭтәыла иҟоу ЕАШ ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан Қырҭтәыла Актәи аканал даҭааит. Келли Дегнан аинтеграциа змоу ниусрум аҿы адырналистцәа дырԥылан, аусура ибзиаӡаны анагӡаразы иҭабуп ҳәа ралҳәеит.