Қырҭтәыла Ауаажәларратә дырраҭараҿ EBU ажәабжь ҿыцқәа 2023 шықәсатәи рассамблеиа мҩаԥысуеит
Қырҭтәыла Ауаажәларратә дырраҭараҿ EBU ажәабжь ҿыцқәа 2023 шықәсатәи рассамблеиа мҩаԥысуеит

Қырҭтәыла Ауаажәларратә дырраҭараҿ  Европа адырраҭарақәа реидгыла (EBU) ажәабжь ҿыцқәа 2023 шықәсатәи рассамблеиа мҩаԥысуеит.

18-тәи ассамблеиа “Редиссон блу Ивериаҿ”  мҩаԥысуеит.

Аконференциа аадыртит Европа адырраҭарақәа реидгыла (EBU) Ажәабжь ҿыцқәа ркомитет ахантәаҩи, Европа адырраҭарақәа реидгыла адиректор хадеи, Актәи аканал адиректор хадеи аадыртит.

Аконференциа рхы аладырхәоит Европа адырраҭарақәа рниусрумқәа рнапхгаҩцәа.

Аапнельтә дискуссиа иахьа нагӡоит. Ари Европа адырраҭарақәа реидгыла есышықәсатәи афорумуп.

„Ассамблеиа рхы аладырхәоит 47 тәыла рҟынтә адырраҭарақәа рниусрумқәа рнапхгаҩцәа, ауснагӡатә аҽалархәразы еизеит 100-ҩык рҟынӡа аделегатцәа, урҭ реиҳараҩык ажурналистцәеи аниусрумқәа рнапхгаҩцәеи роуп. Ҳарзааҭгылоит аҵак ҷыда змоу азҵаарақәа, ауаажәларратә дырраҭара ароль адемократиатә тәыла аиҿкаараҿ“, – илҳәеит Актәи аканал адиректор хада Ҭинаҭин Берӡенишвили.