Шьалуа Папуашвили – Елене Хоштариа илыдҳәаланы аҳақьым идикыло аӡбара аполитикатә ашьаҭа аҭара ахәҭам, уи акгьы ахылҵуам
Апенитенциартә маҵзура Елене Хоштариа илыдҳәаланы аҳақьым идикыло аӡбара иашьашәаланы иахәҭоу ашьаҿа ҟанаҵоит. Ари азҵаара аполитикатә ашьаҭа аҭара аӡәгьы акгьы изаанагом, – иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.
Папуашвили „Дроа“ алидер Елене Хоштариа лгәабзиара аҭагылазаашьа иазкны иазҵааит.
„Ари апроцесс иаартны имҩаҧысуеит ҳәа сгәы иаанагоит. Араҟа агәабзиара иазку хазхаҭалатәи аинформациа ҳалацәажәоит. Ишыжәбо еиҧш, Апенитенциартә маҵзура ари апроцесс иалахәып. Амаҵзура аҳақьымцәа мацара ракәымкәа, Елене Хоштариа лхатә ҳақьымгьы дибар илшоит.
Апенитенциартә маҵзура Елене Хоштариа илыдҳәаланы аҳақьым идикыло аӡбара иашьашәаланы иахәҭоу ашьаҿа ҟанаҵоит. Ари азҵаара аполитикатә ашьаҭа аҭара аӡәгьы акгьы изаанагом, аӡәгьы ахаангьы уи аҟынтә хырҳагак имоуӡацт. Елене Хоштариа аҳақьымцәа ирҳәо дазыӡырҩроуп, уи ауп ихадоу. Аҳәынҭқарра абаандаҩцәа зегьы ргәабзиара еиҷаҳауеит. Араагьы, аҳәынҭқарра, хәыда-ҧсада амедицинатә цхыраара еиқәнаршәоит“, – иҳәеит Папуашвили.