Узбекистан атуризм аминистр Қырҭтәыла Актәи аканал даҭааит

19:15, 01.07.2026

Узбекистан атуризм аминистр Абдулазиз Ақулов, Қырҭтәыла ивизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, иахьа Қырҭтәыла Актәи аканал даҭааит. Абдулазиз Ақулов  аканал агенералтә директор  Ҭинаҭин Берӡнишвилии Ахылаҧшратә хеилак ахантәаҩы Васил Маҕлаҧериӡеи дырҧылеит.

Аиҧылараҿы атуризм ахырхарҭала ҩ-тәылак русеицуразы иҟоу аперспективақәеи аинтерес зҵоу апроектқәа рырбара иазку наҟ-наҟтәи апланқәеи ирылацәажәеит.

Ҭинаҭин Берӡнишвили лҳәамҭала, ари аиҧылара аҵакы ду аман, аинтерес ду аҵан.

„Аҭоурыхтә, акультуратә, иара убас, агастрономиатә ганахьала атәылақәа реизааигәахаразы иҟаҳҵар иҳалшо ҳалацәажәеит. Ари аганахьала ҳтелееилахәыра ҕәҕәоуп, ари аус шыҟаҳҵаша ҳдыруеит, убри аҟынтә, хырхарҭақәак рыла проектқәак ҳрыхәаҧшит, хара имгакәа ҳахәаҧшцәа арҭ апроектқәа аефираҿ ирбоит“, – илҳәеит Ҭинаҭин Берӡнишвили.

Узбекистан атуризм аминитр Абдулазиз Ақулов ишиҳәаз ала, атуризм иазкны аинтерес зҵоу апланқәа рымоуп, авиареисқәагьы уахь иналаҵаны. Иара убас, зҵакы дуу апроектқәа ателееилахәырала  рырбара аидеиа цәырҵит.

Еиԥшу