Зус ӡбоу  Зураб Адеишвили ЕАР аштаб-уадаҿ дыҟоуп
Зус ӡбоу  Зураб Адеишвили ЕАР аштаб-уадаҿ дыҟоуп

Қырҭтәыла иакымкәа аусқәа рзы зус ӡбоу,  зыҧшаара иаҿу   Қырҭтәыла ҧасатәи аиустициа аминистр  Зураб Адеишвили ЕАР аштаб-уадаҿ дыҟоуп.

Иашьашәалоу афотоҭыхымҭа кьыҧхьуп Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистрра асаитаҿ.

Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аминистр Андреи Сигиби агәыҧ  «Украина аҩызцәа»  аиҧылараҿы илахәызаара иазку аинформациеи афотоҭыхымҭақәеи аланарҵәеит. Аиҧылара мҩаҧысуан ЕАР аштаб-уадаҿы. Афотоҭыхымҭаҿы Зураб Адеишвилигьы дубарҭоуп.

Сынтәа Зураб Адеишвили изныкымкәа жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рҿы, Евроеидгылаҿгьы   дықәгылахьеит. Украина апрокурор хада дицны Гаагагьы дыҟан, аиҧыларақәа дрылахәын. Ҧыҭраамҭак ашьҭахь Украина Апрокуратура хада асоциалтә аҳақәа рҟынтә Зураб Адеишвили ифотоҭыхымҭақәа ианырхит.