Зураб Ҷиаберашвили иҳәамҭала, "Амилаҭтә ҵысра" ахантәаҩы иалхраан икандидатура иқәиргылар ҟалап
Зураб Ҷиаберашвили иҳәамҭала, "Амилаҭтә ҵысра" ахантәаҩы иалхраан икандидатура иқәиргылар ҟалап

 

«Амилаҭтә ҵысра» ҧасатәи алахәыла  Зураб Ҷиаберашвили иҳәамҭала,  апартиа ахантәаҩы иалхраан икандидатура иқәиргылар ҟалап.
Ҷиаберашвили асоциалтә аҳаҿы ишиҩыз ала,  алхрақәа рҽалархәра дазхәыцуеит  зҵаарақәак ирыдҳәаланы,  урҭ рыбжьра – Саакашвилии,  Ника Гварамиеи,  егьырҭ ауааҧсыра рхақәиҭтәразы   «Амилаҭтә ҵысра» иҟанаҵар зылшо ашьаҿақәеи,  ари апартиа аҭынчратә апротесттә ҵысразы ашьаҭас ишыҟалашеи.

«Амилаҭтә ҵысра дахагылазароуп  ари апартиа аҭынчратә апротесттә ҵысра ду ашьаҭас иҟазҵаша ауаҩҧсы. Ҳаҧхьаҟа ақәҧараҿы  – алхырҭақәа рҿы аума,  адәахьы аума,  зехьынџьара аҵакы ду амазаауеит Амилаҭтә ҵысра аиҿкаареи адисциплинеи. Иара убас,  апартиа ажәлар рҟынтә адгылара ҕәҕәа амазароуп,  абри зегьы апартиа алидер еиқәиршәароуп», — иҩит Зураб Ҷиаберашвили.