Зураб Пололикашвили -  2024  шықәсазы, Атуризм адунеизегьтәи амш амҩаҧгарала,  Қырҭтәыла адунеи зегьы аҿаҧхьаа ахӡыргара алшоит
Зураб Пололикашвили -  2024  шықәсазы, Атуризм адунеизегьтәи амш амҩаҧгарала,  Қырҭтәыла адунеи зегьы аҿаҧхьаа ахӡыргара алшоит

 

«Аҭынчреи атуризми» — ари атема ахадатә ҵакы амазаауеит  2024 шықәсазы  имҩаҧысуа  Атуризм адунеизегьтәи амш азы, насгьы, зегьы реиҳа ихадоу, ари ауснагӡатә Қырҭтәыла имҩаҧысуеит. Ҳара ҳзы уи ақәҿиара дууп, Қырҭтәылеи уи атуристтә усхки аныҳәа ду азеиҿаҳкаап ҳәа сгәыҕуеит», — иҳәеит  ЕАР Адунеизегьтәи атуристтә аиҿкаара амаӡаныҟәгаҩ хада  Зураб Пололикашвили Софиа имҩаҧгаз акомиссиа аилатәара ашьҭахь, уаҟа  38 аҳәынҭқаррақәа   2024 шықәсазы Атуризм адунеизегьтәи амш Қырҭтәыла амҩаҧгара еицҿакны иақәшаҳаҭхеит.

Зураб Пололикашвили ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла алшара бзиа аиуеит адунеи зегьы аҿаҧҳьа атәыла атуристтә потенциал аӡыргаразы.

«Атуризм адунеизегьтәи амш   30 шықәса рыҩныҵҟа, есышықәса, еиуеиҧшым аконтинентқәа рҿы имҩаҧысуеит. Уажәшьҭа  ари аус Европа анапы иануп, европатәи акомиссиа ари амш Қырҭтәыла имҩаҧыргарц рыӡбеит.  Уи абзоурала, ҳтәыла адунеи зегьы аҿаҧхьа ахӡыргара алшоит.  Адунеи зегьы аҟынтә аделегациа дуқәа ҳҭаауеит. Қырҭтәыла аиҳабыра ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп абри аҩыза аҭакҧхықәра ду рхы иахьадырҵаз азыҳәан», — иҳәеит  Зураб Пололикашвили.