Зураб Азарашвили акьыба чымазара змоу Ҭырқәтәыла зҽызыхәшәтәуа ахәыҷқәа рахь днеит
Қырҭтәыла Агәабзиарахьчара аминистр Зураб Азарашвили Ҭырқәтәыла, Анадолу ахәышәтәырҭаҿ зҽызыхәшәтәуа акьыба чымазара змоу ахәыҷқәа рахь днеит.
Ааминистрра аинформациа ала, аҳәынҭқарратә программала, акьыба ачымазара адиагноз змоу ахәыҷқәа зегьы, аҳәынҭқарра аҧарала, Ҭырқәтәылеи, Израили, Испаниеи иреиҕьу аклиникақәа рҿы рҽырыхәшәтәуеит. Ари апрограммала аҳәаанырцә ицахьеит жәаҩык апациентцәа. Ҩыџьа амедицинатә цхыраара роун, Қырҭтәылашҟа ихынҳәхьеит. Бжьҩы́к апациентцәа Ҭырқәтәыла “Анадлоу амедицинатә центр” аҿы ишьҭоуп, аӡәы – Израиль “Ихилов имедицинатә центр” аҿы.
Апрограмма нанҳәа 1 азы иалагеит. Апрограмма апартниор клиникақәа роуп – Ҭырқәтәыла “Анадлоу амедицинатә центр”, Израиль “Ихилов имедицинатә центр”, Испаниа – “Хирон Салуд имедицинатә центр”. Апакет ала иазыԥхьагәаҭоуп адиагностикеи астандартә хәышәтәра акурси: ахимиотерапиа, амрахәагатә терапиа, аоперациа.
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иӡбарала, акьыба ачымазара адиагноз змоу ахәыҷқәа зегьы, аҳәынҭқарра аҧарала, адиагностика амҩаҧгареи аҽыхәышәтәреи рылшоит Қырҭтәылеи, иара убас, Ҭырқәтәылеи, Израили, Испаниеи иреиҕьу аклиникақәа рҿы. Апрограмма иахылаԥшуеит “Адгылара афонд”. Аҳәаанырцә ахәыҷқәа рхәышәтәразы иалхуп ҳаамҭазтәи астандартқәа ирышьашәалоу, жәларбжьаратәи акредитациа змоу, зтехнологиа ҳараку аклиникақәа, урҭ рҿы, қәыҧшыларак аҿы, амедицинатә сервисқәа зегьы еиҿкаауп. Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, апациентцәа, зхаҭабзиара ҳараку, ҳаамҭазтәи амедицинатә маҵзура роур рылшоит, апротонотерапиагьы уахь иналаҵаны, уи акьыба ачымазара ахәшәтәразы иҿыцӡоу ҳаамҭазтәи технологиоуп,” – иануп аминистрра аинформациа аҿы.