Жозеп Боррель – Ампыҵахалатә цәаҳәаҿы инхо ауаа рыҧсҭазаашьа ацәанырра ду снаҭеит, ҳара, иҳалшо ала ҳрыцхраароуп
Жозеп Боррель – Ампыҵахалатә цәаҳәаҿы инхо ауаа рыҧсҭазаашьа ацәанырра ду снаҭеит, ҳара, иҳалшо ала ҳрыцхраароуп

Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак  Жозеп Боррель, ампыҵахалатә цәаҳәа иазааигәаны иҟоу Хурвалеҭи ақыҭан дыҟан, иара ицын Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла Анаҧшратә миссиа ахаҭарнакцәа.

Дара ажурналистцәа ишрарҳәаз ала, ари аҭыҧаҿ аҧыҧшра мҩаҧыргоит Евроеидгыла иалоу 27 ҳәынҭқаррақәа рхаҭарнакцәа.

«15 шықәса ҵуеит Евроеидгыла иалоу  27 аҳәынҭқаррақәа рхаҭарнакцәа абри араионаҿ административтә аҳәааҿ аҧыҧшра мҩаҧыргоижьҭеи. Дара есымша, уахгьы-ҽынгьы аус руеит.  Ҳмиссиа хықәкыс иамоуп ашәарҭадара ахьчара. Сара административтә аҳәааҿы ауаа срацәажәеит.  Ахҵәацәа срацәажәеит, дара ишырҳәаз ала,  ҳмиссиа абзоурала ашәарҭадара ацәанырра рызцәырҵит. Амиссиа ахаҭарнакцәа административтә аҳәааҿы аҭагылазаашьа иахылаҧшуеит, ари аҳәаа арҭбаара иаҧырхагоуп.

Ҳара абра ҳаҟоуп,  аамҭа шаҟа аҭаххо аҟара абра аусура наҳагӡоит, абри ауп ихадоу.   Ампыҵахалатә цәаҳәаҿы инхо ауаа рыҧсҭазаашьа ацәанырра ду снаҭеит, ҳара, иҳалшо ала ҳрыцхраароуп», — иҳәеит  Жозеп Боррель.