Жозеф Борель - Евроеидгылеи Қырҭтәылеи Молдовеи ирыбжьоу аимадара ӷәӷәа хьчатәуп

Евроеидгылеи Қырҭтәылеи Молдовеи ирыбжьоу аимадара ӷәӷәа хьчатәуп, – иҳәеит Адәныҟатәи аполитикеи ашәарҭадареи рызҵаарақәа рзы Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак Жозеф Борель Евроеидгыла адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа реиԥылара ашьҭахь. Борель иажәақәа рыла, адемократиатә институтқәа рырӷәӷәара иабзоураны, адәныҟатәи шәарҭақәа рыҿагылара алшара ӷәӷәахоит.

“Ҳпартниорцәа зегь рҟны иҳамоу аимадара ӷәӷәақәа хьчатәуп, хаҭала, Қырҭтәылеи Молдовеи рҟны, иара убас, аҩнуҵҟатәи аҭагылазаашьа арӷәӷәара иӷәӷәоу адемократиатә институтқәа рырӷәӷәарала мацара ҟалоит ҳәа ашьҭымҭақәа рыҟаҵара наҳагӡароуп. Ари азы Украинахь ааԥхьара ҟаҳҵоит имҩаԥнаго ареформақәа аус рыдулара нарыгӡарц,” – иҳәит Жозеф Борель.

Борель иажәақәа рыла, Евроеидгыла адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа реиԥылараҿ зҵаара хаданы иқәгылан Урыстәылеи Европа ашәарҭадареи.

Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак ишааицҳаз, Украина Еврокомиссиа вице-азада Валдис Домбровскиси Агәыларатә политикеи арҭбаареи рызҵаарақәа рзы еврокомиссар Олиевр Варҳеи Укаина визитла дәықәлиот, урҭ Украина 1,2 миллиард евро иаҟароу ацхырааратә пакет азалхра азҵаара иахцәажәоит.