Жозеф Борель иааицҳаит Украина Евроеидгылантә иаиуа арратә цхыраара зеиԥшроу

Евроеидгыла атәылахьчара министрцәа реиԥылараҿ  Украина иҟоу аҭагылазаашьа, аибашьра хәахәаԥшуеит, – иҳәеит Адәныҟатәи аполитикеи ашәарҭадареи рызҵаарақәа рзы Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак Жозеф Борель Евроеидгыла атәылахьчара министрцәа иформалым авидеоконференциа иалагаанӡа.

“Ари адунеитә координациоуп, Украина арбџьармчқәа ирзалаҳхыз 500 000 миллиард евро азҵаара ҳахцәажәоит. Атәыла алахәылацәа зегьы ари абџьар иазкны акоординациа ҟарҵароуп, иацҵаны иҟаҳҵар иҳалшо ҳаӡбыроуп. Киев, Харьков, Марупол урыстәыла агрессиа иаҿагылоит,  Урыстәыла ацәыӡ ду амоуп, аха украинаа абџьар раҳҭароуп. Ари зегьы акоординациа азутәуп,” – иҳәеит Борель.

Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак иажәақәа рыла, атәылахьчара аминистрцәа реиԥылара имариам еиԥылахоит, аха Борель ишааицҳаз, апозициақәа еиԥшуп.

“Иацы ҳаззегьы ҳаиқәшаҳаҭхеит, хҩык мацара аконструктивтә ҽаанкылара апозициа рымоуп. Еидҵоу Европа даара иӷәӷәоуп, украинаа реиԥш,” – иҳәеит Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак.