Жәлар рыхьчаҩ – Азинхьчаратә органқәа азакәан аҳәаақәа ирҭымҵроуп  
Жәлар рыхьчаҩ – Азинхьчаратә органқәа азакәан аҳәаақәа ирҭымҵроуп  

Қырҭтәыла Жәлар рыхьчаҩ абҵара 24 рзы Қарҭ имҩаҧысраны иҟоу апротесттә акциақәа  дрыхцәажәеит.

Жәлар рыхьчаҩ иофис иаланарҵәаз аҳәамҭа ишану ала, азинчаратә органқәа, рыҧхықәрақәа рынагӡараан, азакәан аҳәаақәа ирҭымҵроуп, иара убас, жәлар рыхьчаҩ амитинг аиҿкааҩцәеи алахәылацәеи рахь ааҧхьара ҟаиҵеит даргьы аҭынчтә аизарақәа ирызку азакәан еиларымгарц.

«Аҭынчратә аизареи адемонстрациеи рзы азин ауаҩы ихадаратә зинқәа иреиуп, ари азин Қырҭтәыла Аконституциеи жәларбжьаратәи адокументқәеи рыла ихьчоуп», — иануп аомбудсмен иҳәамҭаҿы.