Жәаҩык Украина атәылауаа Урыстәыла атҟәара аҟынтә рхы иақәиҭыртәит.
Украина ахада Володимир Зеленски иҟаиҵаз аҳәамҭа ала, жәаҩык Украина атәылауаа Урыстәыла атҟәара аҟынтә рхы иақәиҭыртәит.
“Ауадаҩрақәаирыхәамԥшыкәа, ҳара 10-ҩык ҳтәылауаа атҟәара аҟынтә реиқәырхара ҳалшеит. урҭ иреиуп 2021 шықәсазы Ҟрым ҟынтә имҵадырсыз Ҟрымтәи аҭаҭарцәа рМеџьлис ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Нариман Џьелиалии 2017-2018 шықәсқәа инаркны атҟәараҿы иҟаз Елена Пехи Валери Матиушенкои”, – ааицҳаит Зеленски.
Зеленски иажәақәа рыла, агәыԥ ахәҭак Киев жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазахь аҵәиԥрыгала иааргеит.