Жәабран азы Америка  авице-ахада Џь. Д. Венс Азербаиџьани Шәамахьтәылеи дырҭаауеит
Жәабран азы Америка  авице-ахада Џь. Д. Венс Азербаиџьани Шәамахьтәылеи дырҭаауеит

Жәабран азы Америка  авице-ахада Џь. Д. Венс Азербаиџьани Шәамахьтәылеи дырҭаауеит. Америка ахада Дональд Трамп ари атәы иҩит асоциалтә аҳаҿы.

Трамп иажәақәа рыла,  Венс Шәамахьтәылеи Азербаиџьани рахь ддәықәлоит аҭынчратә ҽазышәарақәа рырҕәҕәаразы.

«Сара Азербаиџьан ахада Ильҳам Алиеви Шәамахьтәыла ахала Никол Ҧашиниани ҵыҧх нанҳәазы рнапқәа зҵарҩыз аиқәшаҳаҭра анагӡаразы ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп. Ари аибашьра ҿаасҭан, ауаа акаамеҭҵәҟьа иақәшәаны иҟан. Уи сара зҵыхәа ҧысҵәаз аа-еибашьрак иреиуп. Уажәы уаҟа аҭынчреи ашәҭыкакаҷреи ауп иҟоу.  Убри аҟынтә, ҳҭынчратә ҽазышәарақәа рырҕәҕәареи  «Трамп имаршрут» аҿиара ацхраареи азыҳәан, жәабран азы авице-ахада Венс аҩ-тәылак дырҭаауеит», — иҩит  Трамп.