Жәабран абжазы Қырҭтәыла 29 250 доза «Фаизер» алаҵа аиуеит
Жәабран абжазы Қырҭтәыла 29 250 доза «Фаизер» алаҵа аиуеит

Иахьа иҳауз адыррақәа рыла, жәабран абжазы Қырҭтәыла 29 250 доза «Фаизер» алаҵа аиуеит, – ари атәы аалыцҳаит Агәабзиарахьчара аминистр лхаҭыԥуаҩ Ҭамар Габуниа.

Акоронавирус азы алаҵа аиуразы Қырҭтәыла Агәабзиарахьчара аминистрра Ковақс аплатформа иадҵаалт ажьырныҳәа 18 рзы.

Агәабзиарахьчара аминистр лхаҭыԥуаҩ лажәақәа рыла, раԥхьаӡа иргыланы алаҵақәа рзыҟарҵоит амедицинатә сфера 15000-ҩык рҟынӡа аусуҩцәа.

Ари ашьҭахь алаҵақәа рзыҟарҵоит ариск гәыԥқәа ирылоу атәылауаа – 65-75 шықәса зхыҵуа ачымазара лаҽы змоу ахаҿқәа. 2021 шықәса анҵәамҭанӡа апланқәа ирылоуп атәылауаа 60 % алаҵақәа рзыҟаҵара.