Жьҭаара 26 инаркны Қырҭтәыла аҵакырадгьыл аҿы ақәаршаҩи адыдмацәыси ҟалоит, аԥша ӷәӷәахар ҟалап
Аҳауагәаҭаҩцәа ишаарыцҳаз ала, жьҭаара 26 инаркны Қырҭтәыла аҵакырадгьыл аҿы ақәаршаҩи адыдмацәыси ҟалоит, аԥша ӷәӷәахар ҟалап.
Амшын аҿы 2-3 баллк иаҟароу ашторм ҟалоит.
«Ақәоура амшала Қырҭтәыла аӡиас хәыҷқәа хыҵыр ауеит, ашьхатә ҭыҧқәа рҿы адгьылҳәазаратә процессқәа иалагар ҟалап (ашәарҭа аҩаӡара – абжьаратә)», — иануп аинформациаҿы.