Заанаҵтәи адыррақәа рыла, жьҭааразы Қырҭтәыла аекономика азҳаит 6,2%-ла
Астатистика амилаҭтә маҵзура заанатәи адыррақәа рыла, 2023 шықәса жьҭааразы Қырҭтәыла аекономика, ҵыҧхтәи иашьашәалоу аамҭа аасҭа азҳаит 6,2%-ла, 2023 шықәса раҧхьатәи жәамз абжьаратә арбага 6,9% иаҟароуп.
Астатистика амилаҭтә маҵзура аинформациа ишану ала, 2023 шықәса жьҭааразы аекономикатә азҳараҿы алагала ду ҟарҵеит афинанстәи аҧгаҧсатәи асекторқәеи, ахәаахәҭреи, амашьынақәеи амотоциклқәеи рырҽеиреи, атранспорти.
Азҳара адырга лаҟәхеит ааглыхреи иеиҭамҵуа амал иадҳәалоу аусуреи рҿы.