Заанаҵтәи адыррақәа рыла, Ареспубликатә партиа Сенатаҿ аиҳара аиуит, Ахаҭарнакратә палаташҟа алхрақәа рҿгьы аҧхьагылара амоуп
Америкатә Конгресс ашҟа алхрақәа ирызку заанаҵтәи адыррақәа рыла, Ареспубликатә партиа Сенатаҿ аиҳара аиуит.
Уажәазы иҟоу адыррақәа рыла, 100ҩык алахәылацәа рыла ишьақәгылоу Сенатаҿ ареспубликанцәа 51 ҭыҧқәа еиҵамкәа ироуеит.
Ахаҭарнакратә палаташҟа алхрақәа рҿгьы ареспубликанцәа аҧхьагылара рымоуп, аха, араҟа шаҟа ҭыҧқәа роуа макьана идырым.
Уажәраанӡа Сенатаҿ адемократцәа аиҳара рыман, Ахаҭарнакратә палатаҿ – ареспубликанцәа иаҳа ирацәан.