Хурвалеҭи ақыҭаҿ  аҳәаахьчаҩцәа зылшарақәа ҧку ауаҩы дааныркылеит
Хурвалеҭи ақыҭаҿ  аҳәаахьчаҩцәа зылшарақәа ҧку ауаҩы дааныркылеит

 

Хурвалеҭи ақыҭаҿ, аҳәаахьчаҩцәа, зылшарақәа ҧку ауаҩы, Оҭар Самниашвили дааныркылеит.

Актәи аканал ари атәы азаарыцҳаит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аҟынтә. Аусбарҭа адыррақәа рыла, Евроеидгыла анаҧшратә миссиа ари афакт иазкны адырра аиухьеит, ацәаҳәа шы аусура иалагахьеит.

Хурвалеҭи ақыҭаҿ иҟоу аҭаҳмадацәа рхыҵакырҭа „Аҩны аҳәаақәа рыда“ адиректор Лиуда Салиа  Актәи аканал акорреспондентцәа ишралҳәаз ала, ахыҵакырҭа ааигәара иаанкылаз, 33 шықәса зхыҵуа Оҭар Самниашвили ацәажәара ицәыуадаҩуп.

„Имҵадырсыз ахаҵа ацәажәара ицәыуадаҩуп, иангьы убасҵәҟьоуп дшыҟоу. Оҭар Самниашвили ахыҵакырҭа ааигәара дыҟан. Ахыбра абарҵаҿ итәаз ҧҳәыск илбеит аурысцәа рмашьына шеиҭаҵуаз. Нас, амашьына аангылан, ҩыџьа аруаа иҭыҵын, ахаҵа дрыманы ицеит.   Аҧҳәыс цқьа илзымбеит иргаз дызусҭаз, аха нас, Оҭар ихабар анаҳамба, имҵадырсыз иара    шиакәыз

еилаҳкааит“,- илҳәеит Лиуда Салиа.