Хорватиа иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ - Хорватиаҿ Иракли Ӷарибашвили ивизит ҳтәылақәа рҭоурых аҿы актәи зыҩаӡара ҳараку визитуп, ари аетап ҿыц алагамҭоуп
Хорватиа иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ - Хорватиаҿ Иракли Ӷарибашвили ивизит ҳтәылақәа рҭоурых аҿы актәи зыҩаӡара ҳараку визитуп, ари аетап ҿыц алагамҭоуп

Хорватиаҿ Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили ивизит ҳтәылақәа рҭоурых аҿы актәи зыҩаӡара ҳараку визитуп, ари аетап ҿыц алагамҭоуп, – иҳәеит Хорватиа иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ.

Ацҳаражәҳәаҩ иажәақәа рыла,”Хорватиеи Қырҭтәылеи атерриториақәа рдуреи, ауааԥсра рхыԥхьаӡареи, ҳаамҭахтәи аҭоурыхи рыла еиԥшуп, убри аҟынтә рԥышәа ҳара ҳзы аҵак ду амоуп“.

„ Евроеидгылахь амҩаҿ  Хорватиа Қырҭтәыла активтә атәыла-адгылаҩ ауп, ари авизит идуӡӡоу аҵакы амоуп. Мызқәак раԥхьа Загреб ацҳаражәҳәара аартын, уаанӡа Будапешт иҟаз ацҳаражәҳәара анапы алакын Хорватиаҟны изыҟазаашьақәа рырҿиара. Авизитаан ацҳаражәҳәара аартра ацеремониа мҩаԥгахоит, ацеремониа рхы аладырхәит Қырҭтәыла аԥыза-министр Хорватиа аԥыза-министр Андреи Пленовичи, ҳтәылақәа рыдәныҟатәи усқәа рминистрцәеи“, – иазгәеиҭеит ацҳаражәҳәаҩ.