Хазхаҭалатәи адыррақәа рыхьчара амаҵзура атәылауаа рахь ааҧхьара ҟанаҵоит идырым аномерқәа рҟынтә аҭелтә аҵәҵәақәеи ашьҭымҭақәеи хшыҩзышьҭра ҷыда рзырурц
Хазхаҭалатәи адыррақәа рыхьчара амаҵзура атәылауаа рахь ааҧхьара ҟанаҵоит идырым аномерқәа рҟынтә аҭелтә аҵәҵәақәеи ашьҭымҭақәеи хшыҩзышьҭра ҷыда рзырурц

Хазхаҭалатәи адыррақәа рыхьчара амаҵзура атәылауаа рахь ааҧхьара ҟанаҵоит агәҽанҵара ду аарҧшны,  идырым аномерқәа рҟынтә аҭелтә аҵәҵәақәеи ашьҭымҭақәеи хшыҩзышьҭра ҷыда рзырурц.

Амаҵзура аҳәамҭа ишану ала, абри аҩыза аҵәҵәақәеи ашьҭымҭақәеи рықәҿыҭра амшала, хазхаҭалатәи адыррақәа рыхьчара ашәарҭара иҭагылар ауеит.

„Шәара шәахь аҵәҵәақәа ирыдҳәаланы:

– аномер цқьа игәашәҭа,  аҵәҵәа ҟаҵазар истандартым аномер аҟынтә, мамзаргьы истандартым ацифрақәа ркомбинациала, аҭак ҟашәымҵан;

– даҽа тәылак аҿы иҟоу ауаҩҧсы иҟны аимадара шәымамзар, Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аиндекс  (+995) еиҧшым аиндексла ишәоуа аҵәҵәа аҭак ашәымҭан;

– аҭак ҟашәҵарц шәыӡбазар, шәара, шәыуацәа, ма шәҩызцәа ирыдҳәалоу хазхаҭалатәи адыррақәа шәымҳәан.

Ашьҭымҭа иадҳәаланы:

– ашьҭымҵа аҵакы цқьа шәаҧхьа, уи шәоур шәылшоит SMS асахьала, иара убас, даҽа аппликациак ала (Messenger, WhatsApp, Viber, Telegram, Signal). Ишаҧу еиҧш, абри аҩыза ашьҭымҭақәа аграмматикатә ганахьала ииашам;

– абри аҩыза ашьҭымҭақәа аҭак рышәымҭан;

– ашьҭымҭаҿы иарбоу ацҵатә ахь шәмиасын.

–  хшыҩзышьҭра ҷыда рзутәуп еиуеиҧшҧым ахәммарақәа, аконкурсқәа, аҧошьҭатә шьҭымҭақәа ирыдҳәалоу ашьҭымҭақәа.

Аҭелқәеи акомпиутерқәеи рҿы иҟоу аппликациақәеи аҧхьаӡацтәқәеи рҿы апароль ҕәҕәа шьақәшәыргыл, ари апароль лассы-лассы ишәыҧсахла.

Зҵаарақәак шәызцәырҵыр, шәҳадҵаал аномерла  – 2 42 10 00“, – иануп Хазхаҭалатәи адыррақәа рыхьчара амаҵзура аинформациаҿы.